covid19vaccines.ge
covid19vaccines.ge
Имҩаԥгоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉

2 930 677

Инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉💉

1 276 173

Изылшода Аҽыхьчагатә лаҵа Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара анбаҟалои COVID-19 Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵаразы аҽҭаҩрра алшара Иабаҟарҵо аҽыхьчагатә лаҵа Сышҧа ҽазыҟасҵои аҽыхьчага лаҵа аҟаҵара Иарбан Аҽыхьчагатә лаҵақәу иуԥыхьашәар иҟало

Изылшода Аҽыхьчагатә лаҵа

Зегьы раԥхьаӡа  Аҽыхьчагатә амилаҭтә уснагӡатә  иазԥхьагәанаҭоит Қырҭтәылатә атәылауааи, Қырҭтәыла еснагь анхара азин змоу ауаа алаҵа рзыҟыҵара.

Уажәазы, COVID-19 – Аҽыхьчагатә лаҵа ирылшоит:

  1. Қырҭтәыла атәылауаҩыи, Қырҭтәыла еснагь анхара азин змоу 18 шықәса зхыҵхьоуи, зықәра еиҳауи ауаа;
  2. Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны легалла иҟоу атәымтәыла атәылауаҩ / ма атәылауаҩра змам ауаа, Қырҭтәыла иҟоу, уи арахь дааижьҭеи х-мза еиҵамкәа;
  3. Аҳәынҭқарра апрограмма «Аус уу Қырҭтәыла аҟны» алахәцәа атәым тәыла атәылауаҩи, уи иҭаацәара алахәылацәеи;
  4. Қырҭтәыла аҵара аиура амзыз ала иҟоу атәым тәыла атәылауҩра змоу астудентцәа;
  5. Қырҭтәыла акредитациа змоу адипломатратә хаҭарнакра, аконсултә усбарҭақәа, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакра атәым уаа, аусуҩцәеи урҭ рҭаацәара алахәылацәеи;
  6. Қырҭтәыла импыҵахалоу аҭыԥ аҟны  иҟоу анхацәа иарбан тәылауаарау ирымоу хьаас имкыкәа. Иара убас адипломатратә миссиақәеи, жәларбжьаратәи адонар- аиҿкаарақәа рыла афинансркра змоу апроектқәа рҟны аус зуа ауааи, рҭаацәара алахәылацәеи;
  7. Апенитенциатә усбарҭақәа рҟны иҟоу ауаа;
  8. Атәым тәыла атәылауаҩы, зҭаацәара алахәыла (ахылҵ, рани-раби, аԥҳәыс-ахаҵа) Қырҭтәыла атәылауаҩы иоуп N164 аӡбара;

COVID-19 – аҽыхьчагатә лаҵа Пфаизер алаҵа аҟаҵара ирылшоит:

– Қырҭтәыла атәылауаҩы еснагь анхара азин змоу 16 шықәса инаркны 18 шықәса зхыҵхьоуи ауаа;

– Зцәа зтәым рзы иарбанзаалак  ҽҳәара изҭагыло;

– 12 инаркны 15 нӡа ачымазара лаҽы змоу ахәыҷқәа;

Аҽыхьчагатә лаҵа Қырҭтәылатә атәылауаҩыи, Қырҭтәыла еснагь анхара азин змоу ауаа, иара убас атәымтәыла атәылауааи рзын амалоуп. Аҽыхьчагатә лаҵа ахәԥса аҳәынҭқарра иашәоит

Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара анбаҟалои COVID-19 – ачымазара аамышьҭахь

COVID-19- иаҿагыло аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара ҟалоитCOVID-19 – аҿкы адиагноз ашьақәыргылара инаркны 30 мшы аамышьҭахь. Иҷыдалкаауп, COVID-19 –аҿкы ахәшәтәра аан  аконвалесцентуртә аплазмеи, насгьы, иуадаҩыз аҭагылазаашьа аан ирыман амултиеилазааратә аҷаларатә синдром змаз.  Усҟан зегьы реиҳаӡа имаҷу аҽҳәара 120 мшы еиҵамзар ауп.

Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵаразы аҽҭаҩрра алшара

COVID-19-аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵаразы аҽҭаҩрра алшара ыҟоуп авебдаҟьа аҟны booking.moh.gov.ge ма ацәаҳәашы 1522 рыла. Иара убас авебдаҟьа аҟны иҟоуп алшара аҭыԥ аанкылара аредакциаазура, аҽхәара ахыгара, ма аԥыргара. Уи иазку абжьагара шәахәаԥш авидео аҟны.

Иабаҟарҵо аҽыхьчагатә лаҵа

Қырҭтәыла аҟны   COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара ҟалоит 300 инеиҳаны  аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥқәа рҿы. Ахсаала аҟны иарбоуп шәара  иҟашәҵар ахьышәҭаху COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа. Аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥқәа зегьы реиқәԥхьаӡара арегионқәа рыла ишәылшоит ахҩылаара абра

Аҽыхьчагатә лаҵа аҭаҩрра ада ишәылшоит 30 аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥқәа рҿы.                   

Уи иазку адырра шәахәаԥшы абра

Аҽыхьчагатә лаҵа амобилтә аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥқәа рҿы ишәылшоит абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рҿы.

Аҽыхьчагатә лаҵа апроцесс ашәарҭадара аиқәыршәара аквалификациа ҳаракы змоу амед-маҵзуҩцәеи, амедицинатә  амаругақәа. Уи иазку иҵегьы адыррақәа шәрыхәаԥш, аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥқәа рҿы.

** Қырҭтәыла инхо, анхара азинтә агәраргага змам атәым тәылақәа ртәылауаа, урҭ Қырҭтәыла х-мза еиҳаны иҟан, аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара рылшоит Қарҭтәи, Баҭымтәи, Қәҭешьтәи 3 усҳәарҭак рҿы:

  • Қарҭ –  Академик Николоз Ҟиԥшиӡе ихьыӡ зхәу ацентралтәи ауниверситеттә клиника
  • Баҭым –  Ареспубликатә хәшәтәырҭа
  • Қәҭешь –  Чхобаӡе ихьӡ зхәу аинвалидцәеи,    зықәра неихьоуи рыхәшәтәратә – ареабилитациатә  аклиникатә центр

Сышҧа ҽазыҟасҵои аҽыхьчага лаҵа аҟаҵара:

Аҽыхьчагатә лаҵа заатәи аҭҵаарақәа рымҩаԥгара, ма ахәшәқәа рыла аҽазыҟаҵара аҭахӡам. Аха, ҷыдалатәи ахазхаҭалатә хҭысқәа раан, аконсультациа ала, адкылара ҟаиҵоит аҳақьым.

Аҽыхьчагатә лаҵа ҟашәҵаанӡа антигистаминтәи апрепаратқәа шәымала шәыдкылара, аҳақьым-алерголог идҵа ада ҟалашьа амам, избанзар ихьанҭаӡоу алергиа ареакциа (анафилаксиа) апревенциа ацынхәрас  иҟалар алшоит амедицинатә цхыраара ахьымӡар анафилаксиа иаҿагыло заатәи адыргақәа инагӡамкәа раарԥшра иахҟьаны.

Аҽыхьчагатә лаҵа ковид аҿагыларазы  атәымцәеижьҿагылақәа  рыҭҵаараз адырра ыҟам, атест аҭак иахәамԥшыкәа ихымԥадоуп инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа.

Иарбан Аҽыхьчагатә лаҵақәу иуԥыхьашәар иҟало

Қырҭтәыла аҟны  аҽыхьчагатә лаҵа 2021 шықәса хәажәкыра 15 иалагеит. Иахьазын иуԥыхьашәар ҟалоит 4 еиуеиԥшым ахьыӡ змоу алаҵақәа:

  1. Pfizer-BioNTech (Пфаизер)
  2. Oxford/AstraZeneca (Оксԥорд Астразенека)
  3. Sinopharm SARS-CoV-2 Vaccine (Vero Cell) (Синоԥарм)
  4. Sinovac. CoronaVac -Vero Cell, Inactivated (Синовакы)

Pfizer/BioNTech

Америкатә афатә аагалыҵқәеи, амедикаментқәеи аусбарҭа (FDA) 2021 шықәса нанҳәамзазы, инагӡоу авторизациа анашьан Пфаизер, уи иаанаго, уи раԥхьаӡатәи     COVID-19- иаҿагыло инагӡаны авторизирра змоу  аҽыхьчагатә лаҵа ауп. Пфаизер 2-дозактәи аҽыхьчагатә лаҵа ауп, иалукаауеит иҳраку аеффектра ала. Қырҭтәыла Пфаизер ала аҽыхьчагатә лаҵа ҟарҵар рылшоит:

  • 12- инаркны 15- шықәсанӡа ачымазаралаҽы змоу ахәыҷқәа;
  • 18 шықәса зхыҵхьои, зықәра еиҳауи ауаа;

– Зцәазтәым рзы иарбынзаалак ҽҳәара изҭагылоу аан.

Иацҵаны адырра шәахәаԥш  Пфаизер анотациа аҟны

Oxford/AstraZeneca

Астразенека аҽыхьчагатә лаҵа агәабзиара адунеитәи аиҿкаара хырԥашьа амамкәа ахархәаратә авторизациа амоуп. Оксфорд-Астразенека уи Британиа-Шведтәи ахеилаки, Оксфордтәи ауниверситети ала ирмазеиу авектортәи алаҵа ауп. Уи аеффект бзиа ала иалукаауеит.

Қырҭтәыла аҟны Астразенека ала аҽыхьчагатә лаҵа ҟарҵар рылшоит 45 шықәсеи уи инеиҳау  зхыҵуа ауаа. Ари аҽыхьчагатә лаҵа 2-дозактәи алаҵа ауп, адозақәа рыбжьара абжьагара амоуп 8-12 мчыбжьы аҿҳәара.

Иацҵаны адырра шәахәаԥш Астразенека анотациа аҟны

Sinopharm

Синофарм аҽыхьчагатә лаҵа агәабзиара адунеитәи аиҿкаара хырԥашьа амамкәа ахархәаратә авторизациа амоуп.  Синоԥарм алаҵа ирмазеиуп Китаи, уи атрадициатә методла ирмазеиуп, аинактивиртә лаҵоуп.  Синофарм алаҵа 2-дозактәи аҽыхьчагатә лаҵа ауп, рыбжьара  аҿҳәаразы абжьагара амоуп 2-4 мчыбжьы.

Иацҵаны адырра шәахәаԥш  Синоԥарм анотациа аҟны

Sinovac

Синовак аҽыхьчагатә лаҵа агәабзиара адунеитәи аиҿкаара хырԥашьа амамкәа ахархәаратә авторизациа амоуп. Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа аҭҵаарадырратә абжьагаҩцәа ргәыԥ ала инҭкааны ахәшьара анаҭеит Синовак аҽыхьчагатә лаҵа ахаҭабзиара, ашәарҭадареи, аеффектреи, урҭ рыбжьагара иашьашәыло, аҽыхьчагатә лаҵа ахархәара рылшоит 18 шықәсеи уи инеиҳау зхыҵуа ауаа.   2-дозактәи аҽыхьчагатә лаҵа ауп, рыбжьара абжьагара амоуп 2-4 мчыбжьы аҿҳәара.

Иацҵаны адырра шәахәаԥш  Синовак анотациа аҟны

Изызкыда абустертә доза

Аҽыхьчагатә лаҵа аидгыла аӡбарала, Қырҭтәыла аҟны абустер доза ҳәа изыхьӡу аҽыхьчагатә лаҵа ҟарҵар рылшоит:

– 50 шықәса еиҳаны ақәра змоу атәылауаа, ачымазара лаҽы змоу ауаеи,      иҳараку ариск змоу азаанаҭ-уаа аҽыхьчагатә лаҵа аамышьҭахь , ф- мз ашьҭахь ирылшоит          бустер доза аҟаҵара. – Инагӡаны аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵоу ауаа даҽа аҽыхьчагатә лаҵак аҟаҵара рылшоит, уи ахымԥадара ҟалар аныҟәара аан.  Аныҟәара ицар зҭаху ахаҿы, аҽыхьчагатә лаҵа изыҟаҵазар ауп аныҟәара дцар ахьҭаху атәыла аҟны иаларҵәоу  аҽыхьчагатә лаҵа.  Америкатә ачымазара ахылаԥшратә ацентр  абжьагара иашьашәало, даҽа аҽыхьчагатә лаҵа ала аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи, аҽыхьчагатә лаҵа анынҵәалак аамышьҭахь  28 мшы раамышьҭахь ауп ианыҟало.

Шәҳамада: 116 001 Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
Шәҳамада: 116 001
Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.

EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.