covid19vaccines.ge
covid19vaccines.ge
Имҩаԥгоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉

2 930 677

Инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉💉

1 276 173

Аиммунизациа апрограмма Аҽыхьчагатә лаҵа азы амазеира Амедицинатә усбарҭа асиа


Аиммунизациа апрограмма

Қырҭтәыла аиммунизациатә амилаҭтә уснагӡатә еиқәнаршәоит амалаҳатәи аҽыхьчагатә лаҵа. Аҽыхьчагатә лаҵа еиҿнакаауеит, «Ауаажәларратә агәабзиара иазкны» Қырҭтәылатә азакәани, азакәан иаҵанакуа анормативтә ақтқәа рыла. Апрограмма ишҵасу ала, ибзианы ирмазеиу   ихьшәашәоу адаҷтә акаҭ, амониторинги, ахылаԥшратәи аилазаара амоуп.

Аиммунизациатә амилаҭтә апрограмма алшарақәеи, аресурсқәеи иарбоуп Қырҭтәыла аҟны COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ашьақәыргыларатә амилаҭтә ауснагӡатә  аҿы.

Ихыжәҩылаа абра⠀⠀⠀⠀⠀⠀⠀⠀⠀

Аиммунизациатә апроцесс амҩаԥысра

Уи аамҭазы, Қырҭтәыла зехьынџьара аиммунизациатә апрограмма иалахәу амедицинатә усбарҭақәа ковид аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа мҩаԥнагоит 333 алаҵа аҟаҵатә бригадақәа. Ҽнак ала аҽыхьчагатә лаҵа  11 000 -ҩык иҟарҵоит.

Иҟоу администрирра ахыԥхьаӡара ала, ҽнак ала 700 доза аҟнынӡа ҟарҵоит, 100 000ҩык анхацәа ахьыҟоу.

Иҵегьы адырра аиуразы аиммунизациатә апроцесс шымҩаԥысуа иазкны шәахәаԥшы хәыжәкыра 15 инаркны, рашәара 15 аҟнынӡатәи  аҳасабрба.

Ихыжәҩылаа абра

Аҽыхьчагатә лаҵа азы амазеира

Адаҷ хьшәашәа

COVID-19-аҿагыларатәи иарбанзаалак аҽыхьчагатә лаҵа азы иаҭахуп адаҷ хьшәашәа апроцедурақәа  рыхьчара. Адаҷ хьшәашәа иаанагоит, аҽыхьчагатә лаҵа  иақәнаго атемпература аҟны еснагь аҵәахра, уи ҭзыжьыз иҟнытә анапхгара аҟнынӡа ( иҭзыжьыз ала ишьақәыргылоу атемпературатә режим). Еиуеиԥшым аҽыхьчагатә лаҵа, адаҷ хьшәашәа аҭаххарақәа еиуеиԥшым рымоуп. Еиҳарак аҽыхьчагатә лаҵа иаҭаху атемпература адеапазон +2°C +8°C атемпература ауп, аха иҟоуп аҽыхьчагатә лаҵақәа, урҭ рыҵәахра азын атемпература ыҟоуп -20°C ма  -60 -80°C.

Аҽыхьчагатә лаҵа ашьҭаҵарҭақәа ацентралтәи, арегионтәи, амуниципалитеттәи аҵәахырҭақәа рҿы

COVID-19- аҿагыларатәи  аҽыхьчагатә лаҵа ашьҭаҵарақақәа/рыҵәахразы атәыла аҟны ирмазеиуп ацентралтәи, арегионтәи, амуниципалитеттәи аҵәахырҭақәа, Еиуеиԥшым аҵәахырҭақәа, аҽыхьчагатә лаҵа зеиԥшроу  аҵәахразы иаҭаху атемпература ,уи  иашьашәало ирмазеиуп Ачымазарақәа рхылаԥшреи, ауаажәлартә гәабзиареи амилаҭтәи ацентр Қарҭтәи ацентралтәи аҵәахырҭа аҟны, Ачымазарақәа рхылаԥшреи, ауаажәлартә гәабзиареи амилаҭтәи ацентр Имереҭи, Аҷаратәи аусбарҭақәа рҿыи, ауаажәларратә агәабзиара ахьчара ацентрқәа рҿыи атәыла аҵакырадгьыл зехьынџьара 60 мунмцмпалитетқәа  рҟны.

Қарҭтәи ацентралтәи аҵәахырҭа, иара убас арегионтә ҵәахырҭа афункциагьы нанагӡоит, Амрагыларатә Қырҭтәыла амаҵ ауеит. Қәҭешьтәи арегионтә ҵәахырҭа Аҷаратә анхацәа рымаҵ ауеит.

Аҵәазырҭатә маругеи, архьшәашәагақәеи

Ацентралтәи, арегионтәи, амуниципалитеттәи аҵәахырҭақәа еиқәыршәоуп иақәнаго ахыԥхьаӡара аҽыхьчагатә лаҵазы архьшәашәагақәеи,  арҵаагақәеи, амҩангагатә аконтеинерқәеи рыла, аиашьик (аидчаҧала) хьшәашәақәеи, атемпература иахылаԥшуа  аилазаара аҽыхьчагатә лаҵа армазеиратә (архьшәашәага-машьына). Иазгәаҭатәуп, иарбынзаалак аҳракыратә ҵәахыҭақәа рҿы аҽыхьчагатә лаҵатә архьшәашәагақәа агәабзиара адунеитә аиҿкаара ала апереквалификациа рызун.

Аҽыхьчагатә лаҵа ашьҭаҵарҭа аҟнытә агәыралаҵара ахьыҟарҵо аҭыԥ ахь анагара

Аҽыхьчагатә лаҵатә ишьагәыҭу ахәҭа еснагь ишьҭоуп ицентралтә арегионтә, амуниципалитеттә ашьҭаҵарҭақәа рҿы, уаантә  аҽыхьчагатә лаҵа иршоит агәылаҵара аҭыԥқәа рахь, уи еснагь имҩаԥыргоит еиҳарак 3-5 мшы рыбжьара. Аҽыхьчагатә лаҵа ашара ахсаалеи, аамҭа-аамҭала ашьҭаҵарҭа аҟнытә аҽыхьчагатә агәырлаҵара ахьыҟарҵо аҭыԥ аҟнынӡа анагара иамадоуп аҽыхьчагатә лаҵа зеиԥшроу (аҵәахра атемпература), иаҳҳәап: Pfizer-BioNTech аҽыхьчагатә лаҵа иара иазку иҷыдоу аҵаа аҟны 80°C –атемпературала ирҵәахоит, урҭ шьҭоуп ацентралтәи, арегионтә шьҭаҵарҭақәа рҿы.

Уажәы азы абри аҽыхьчагатә лаҵа аҵәахреи, анаҩс ашареи, иҟоу 3 ашьҭаҵарҭақәа рҟнытә иршоит, аусбарҭақәа  (агәырлаҵаратә аҭыԥқәа рзы) рахь анагара  Ачымазарақәа рхылаԥшреи, ауаажәлартә гәабзиареи амилаҭтәи ацентр имҩаԥнагоит заа иазԥхьагәҭоу аамҭаеихшааралеи, ахыԥхьаӡарақәеи ирықәнаго.

Даҽа аҽыхьчагатә лаҵа акәзар, +2+8°C атемпературатә режим зҭаху (Oxford/AstraZeneca, Sinopharm, Sinovac), аҽыхьчагатә лаҵа шьҭаҵоуп  ацентралтәи, арегионтәи, амуниципалитеттәи аҵәахырҭақәа рҟны иҟоуп. Аҽыхьчагатә лаҵа амҩангагара агәырлаҵаратә аҭыԥқәа рҟнынӡа анагара амуниципалтәи ашьҭаҵарҭа аҟнытә амҩангагара агәырлаҵаратә усбарҭақәа еиқәдыршәоит, агәырлаҵаратә аҭыԥқәа ахьыҟоу.

Аҽыхьчагатә лаҵа иарбанзаалак аетап аҟны иақәнаго ихьшәашәоу акәлаԥқәа, аҵаа ахәҭақәеи (ма ибоу аҵаа) рыла ауп ишымҩаԥысуа.  Аҽыхьчагатә лаҵа амҩангагаразы армазеира (амҩангагатә контеинерқәа рҿы ма ихьшәашәоу аклаԥқәа ирҭаҵаны) еснагь ашьҭаҵарҭатә усуҩцәа еиҿыркаауеит, урҭ иахысхьеит иақәнаго атренингқәа аҽыхьчагатә лаҵа аҵәахра,  аышьҭаҵара, амҩангагара иазкны. Амҩангагара аан атемпература ахылаԥшра амзаз ала акәалаԥ хьшәашәақәа зегьы атермометрқәа рымоуп ма атемпература азырбо рыла.

Аҽыхьчагатә лаҵа акабинетқәа

Амедицинатәа усбарҭа цыԥхьаӡа, далхны дамоуп аҭакԥхықәра зду ауаҩы/ауааԥсыра, урҭ иахысхьеит иақәнаго атренингқәа, ируалуп аҽыхьчагатә лаҵа адкылара, ашьҭаҵареи, атемпература ахылаԥшреи. Атемпература агәаҭара архьшәашәагақәа рҿы есымша имҩаԥысуеит, иақәнаго апротоколқәа ирышьашәало. Аҽыхьчагатә лаҵатә кабинетқәа, иара убас еиқәыршәоуп ихьшәашәоу акәалаԥқәа рыла, шаҟа аҭаху акәалаԥқәа рыхәҭақәа рыла.

Аелектронтә еилазаара

Аҽыхьчагатә лаҵа аҵәах аныҟәгара аелектронтә мадул аҟны имҩаԥысуеит, аҵәахи, амҩангагара азын астандарттә аҳасабрба армазеиреи мҩаԥысуеит ацентралтә, арегионтә, амуниципалитеттә аусбарҭақәа рыҳкырала.

Аҵәах аныҟәгара амодул иамадоуп аҽыхьчагатә лаҵа аелектронтә малу аҟны, иаанхаз аԥхьаӡара автоматла иҟалоит. 

Амедицинатә усуҩцәа разыҟаҵара

Амедицинатә усуҩцәа адыррарыҭареи, рырҵареи COVID-19 аҿагыларазы амедицинатә усзуҩцәа рдырраҭара агәырлаҵара апроцесс ашәарҭадарадеи, аеффектра амазаареи иацхраауеит.

Аиммунизациа апроцесс аҟны иалахәу амедицинатә усуҩцәа ирзымҩаԥган иақәнаго атренингқәа, ирыҭан арҵагашәҟәқәа, агәырлаҵа аамышьҭахь иҟалар иҟало иҽеим аҭагылазаашьақәа рхылаԥшреи, COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аамышьҭахь иҟалар зылшо аллергиатә реакциа аныҟәгаратә азҵаарақәа рзы.

Жәабран 17 инаркны иахьанӡа COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә агәырлаҵа  апроцесс алархәра амзыз ала, Ачымазарақәа рхылаԥшреи, ауаажәлартә гәабзиареи амилаҭтәи ацентр ала еиҭазыҟарҵеит Қырҭтәыла аҟны COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә агәырлаҵа  апроваидертә амедицинатә аусбарҭақәа 166 бригада абарҭ амодулақәа рыла:

  1. Апрактикатә  аҽыхьчагатә алаҵа /аныҟәгара аҵасқәа
  2. Аҽыхьчагатә агәырлаҵа  аамышьҭахь иҟалар зылшо аллергиатә реакциа аныҟәгара
  3. Адаҷ хәшәашәа, алоџьистики, аел. ҵәахрақәа рхылаԥшра
  4. Арегистраторцәа рзы аел. портали, заа аҭаҩрра ахылаԥшра

Агәабзиара адунеитәи аиҿкаара ала адгалара змоу атренинг модулқәа рхархәарала, Қырҭтәыла зехьынџьара COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аинтерперсоналтәи, акризистә акоммуникациақәа 100 тренинг мҩаԥган,   аҽыхьчагатә лаҵа асервисқәа рызҭо, ауаажәлартә агәабзиара  аҟазацәеи, амедицинатә усхкы аспикерцәеи, аҭыԥынтәи анапхгара ахаҭарнакреи (2000 аусуҩцәа алахәын) уи 2021 шықәса ԥхынгәымзанӡа инаӡеит.

Аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭадара. Агәырлаҵа аамышьҭахь иҟало  аваргылатә цәырҵрақәа  рныҟәгара

Агәырлаҵа аамышьҭахь иҟало аваргылатә цәырҵрақәа ахылаԥшра аҽыхьчагатә лаҵатә амилаҭтә апрограмма иузалымхо хәҭоуп, уи аеффект аманы ахылаԥшразы ацхыраара анаҭоит аҽыхьчагатә лаҵатә апроцесс ашәарҭадарала амҩаԥгара.

Агәырлаҵа аамышьҭахь иҟало  аваргылатә цәырҵрақәа рхылаԥшра  аҽыхьчагатә лаҵатә амилаҭтә апрограмма инаҵакны ҩажәа шықәса инеиҳаны иҟоуп. Аилазаара аҵыхәтәантәи аиҭарҿыцра 2019 шықәса имҩаԥысит. Иҟоу ахылаԥшратә аилазаара инагӡаны иазԥхьагәанаҭоит Агәабзиара адунеитәи аиҿкаара абжьагарақәа.

Амедицинатә усбарҭа асиа

Қырҭтәыла COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵатә апроцесс аҟны иалахәуп 100 инеиҳаны амедицинатә усбарҭақәа.

Амедицинатә усбарҭақәа ирызку иацҵаны адырра аиуразы иҭыжәга афаил.

Шәҳамада: 116 001 Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
Шәҳамада: 116 001
Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.

EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.