covid19vaccines.ge
covid19vaccines.ge
Имҩаԥгоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉

2 930 677

Инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉💉

1 276 173

Аҽыхьчагатә лаҵақәа ртипқәа Идыртәи инақтивтә аҽыхьчагатә лаҵақәа рзы Аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭадара Аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра


Аҽыхьчагатә лаҵақәа ртипқәа (рхкқәа)

Идыртәуи авектортә аҽыхьчагатә лаҵа азы

Авирустә векторқәа рыла иҟаҵоу  аҽыхьчагатә лаҵақәа, ус башатә егьырҭ алаҵақәа ирылукаауеит, уи иалам антигенезқәа ( COVID-19 –спаикахӡқәа). Спаикахӡы COVID-19 – зыхҟьо хахьла иҟоу ахӡы ауп, уи аиммунтәи аилазаара иадыруеит, иштәыму адыруеит, иалагоит уи иаҿагылаша атәымцәеижьҿагылақәа рырмазеира.

Авектортә аҽыхьчагатә лаҵақәа рхы иадырхәоит даҽа ԥырхага ҟазымҵо авирус (авектор), уи иагоит акороновирустә спаткахӡықәа  иазку (spike protein)  «аинструкциа» ауаҩытәҩса ихацқәа рахь. Авектор инанашьҭуа (аинструкциа) ишақәнаго ала ахац иалагоит авирус ԥырхага ҟазымҵо ахҭа хәыҷы – спаикахӡы армазеира, уи еилнакаауеит аиммунтә еилазаара, иалагоит атәымцәеижьҿагылақәа рырмазеира.

Аиашазы абарҭ атәымцәеижьҿагылақәа ирыхьчоит аорганизм анаҩс COVID-19 – ала аҿкыреи, ачымазареи рҟнытә. Аҽыхьчагатә лаҵа, аҿкы аорганизм ианалашәалакь аиммунтә еилазаара иаамҭаны иадыруеит хыхьла иҟоу спаикахӡы, авирустә чымазара иалагаанӡа иқәнахоит. Аамҭалатәи ганлатәи ахҭысқәа урҭ  аԥсабаратәи хәҭоуп, уи иаанаго  аҽыхьчагатә лаҵа аус ауеит.

COVID-19-иаҿагыло авирустәи авекқтортә аҽыхьчагатә лаҵақәа роуп : University of Oxford/AstraZeneca; CanSino; Gamaleya Research Institute; Janssen Pharmaceutical Companies

Идыртәуи М-РНА алаҵақәа рзы

М-РНА  аҽыхьчагатә лаҵақәа ирылоу авирус ма ахӡы (спаикахӡы)  ахәҭақәа ракәӡам, уи иалу аинформациатә, амесиџь – РНА –ауп, уи спаикахӡы аинформациа ныҟәгаҩы ауп. Алаҵа аҟаҵара аамышьҭахь, аорганизм иалагоит спаикахӡықәа рырмазеира, урҭ адыруеит  аиммунтә еилазаара иалагоит аиммунтә реакциа – атәымцәеижьҿагыла рырмазеира. Аиашазы, абарҭ атәымцәеижьҿагылақәа ирыхьчоит аорганизм анаҩс аҿкыра аҟнытә. Анаҩс, авирус аорганизм ианалашәалакь, аиммунтәи аилазаара иаамҭаны иадыруеит, хыхьла иҟоу спаикахӡы, иштәыму дырны авирустә чымазара иалагаанӡа иқәнахуеит.

Избанзар М-РНА алаҵа иалам зыԥсыҭоу ма инактивиру авирус, уи иалшом  ковид ачымазара аҿы аҭара. Аҽыхьчаратә алаҵа аҟаҵара аамышьҭахь мышқәак рышьҭахь   М-РНА иара ахала еилышәшәоит.

COVID-19-иаҿагыло М-РНА  аҽыхьчагатә лаҵақәа роуп: Moderna/NIAID; Pfizer-BioNTech.

Идыртәи инақтивтә аҽыхьчагатә лаҵақәа рзы

Аинақтивтәи аҽыхьчагатә лаҵаақәа атрадициатә аметод ала ирмазеиу аҽыхьчагатә лаҵақәа роуп. Урҭ шьақәгылоуп еибгоу авирус ала, ма абактериа аҟнытә, ма урҭ рыфракциақәа рыхәҭак аҟнытә. Убри аҟнытә ишоит ахадара змоу ҩ-типк рыла – инагӡоу ахыци, афракциатә алаҵеи рыла. Аинақтивтәи аҽыхьчагатә лаҵақәа ҟарҵоит ачымазара зыхҟьо амикроорганизмқәа (авирус, абактериа) химиатәи ма физикатәи процесқәа рыла ихҩоу  амҩала. Ачымазара ҟанаҵаӡом, избанзар иалаӡам зыԥсыҭоу амикроорганизмқәа.

COVID-19- иаҿагыло аинақтивтәи аҽыхьчагатә лаҵақәа роуп:  Sinovac, Sinopharm-Beijing, Sinopharm-Wuhan, Bharat Biotech

Аҽыхьчагатә лаҵатә аваргылатә цәырҵрақәа

Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахь иҟалар алшоит аваргылатә цәырҵрақәа

 мҩаԥыср, уи ус иахәҭоуп, уи иунарбоит, шәара шәцәеижьы ахьчаратә алшара еиҳа ишарӷәӷәо. Аваргылатә цәырҵрақәаиҟалар алшоит шәара еснагьтәи  шәус анырра анаҭар, аха арҭ ахҭысқәа мышқәак раамышьҭахь ииасуеит. Ауааԥсыра шьоукы аваргылатә цәырҵрақәа зынӡагьы ирызцәырҵӡом.

Зегьы реиҳа лассы иҟало аваргылатә цәырҵрақәа :

  • амахәар аҿы, аҽыхьчагатә лаҵа ахьыҟаҵоу аҭыԥ аҟны, аҟаԥшьра ма ачыра,
  • ааԥсара,
  • ахыхь,
  • ажьышәа хьаа,
  • ахьҭакра,
  • ашоура,
  • агәыхынҳәра.

Ихәарҭоу абжьагарақәа

Аҽыхьчагатә лаҵа ахьаа ма дискомфорт шәымазар, аконсултациа шәахыс шәара шәҳақьым иҿы, ишәыдшәкыларц  ишәҭаху ахәшәқәа рзы, иаҳҳәап ибупрофен ма парацетамол.

Алаҵа ахьыҟаҵоу аҭыԥ аҟны ахьаа ма ашоура иахҟьаны адискомфорт армаҷразы:

  • аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥ аҟны иақәышәҵа ицқьоу, ихьшәашәоу, ицәааку ацахы
  • шәмахәар шәырҵысы, ма ишәырхәа
  • аӡшьар рацәаны шәыдышәкыл
  • икәаданы шәҽеилашәҳәа

Аҳақьым иқны аимадара ианбаҭаху

Зегьы реиҳа еиӷьуп ашоура ма ахьаа шәоур аҳақьым иахь шәхы шәырхар.

Шәиамада шәара шәҳақьым ма амедицинатә усбарҭа, убасҟан:

  • аҽыхьчагатә лаҵа аҭыԥ аҟны аҟаԥшьра ма ахьаа ианацло 24 ссаҭ раамышьҭахь
  • аваргылатә цәырҵрақәа шәандыргәамҵуа, мышқәак рышьҭахьгьы хьаас ишәымоуп

 Ишәдыруаз, COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа, иарбынзаалак даҽа аҽыхьчагатә лаҵа  ма хәшәык  еиԥш, ихадам ахҭысқәа ҟанаҵар  ҟалоит. Аха арҭ ахҭысқәа реиҳарак усҟак иӷәӷәам, аамҭалатәиуп, лассы урҭ аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахь х-мш раҟара  роуп шәанаргәамҵуа. Иазԥхьагәашәҭа, ауааԥсыра реиҳараҩык, аҽыхьчагатә лаҵа ҟазҵаз, иҟалар алшоит урҭ рзы иарбанзаалак ихадам ахҭыс ҟамларгьы. Аха, рхы усҟак иҽеины ирымбозар, хымԥада аҭаацәара рҳақьым иахь ахырхара аҭахуп.

Аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭадара

Агәра шԥазго COVID 19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ишәарҭадароуп ҳәа?

 COVID-19 –аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа арекордтә аамҭала даараӡа ирласны иҭрыжьыз, аусеицареи, аинвестициа дуқәа иалҵшәаны, уи инагӡаны иақәнагоит ашәарҭадаратә астандартқәа зегьы.

COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭадара даараӡа иџьбароу арегулациатә процессқәа ирыҵанакуеит. Агәабзиара адунеитә еиҿкаареи, амилаҭтә аиқәыршәаратә аиҿкаарақәеи авторизациа аиыуаанӡа, COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа иахысуеит иџьбароу атестирра аклиникатә ҭҵаарақәа рҿы, уи ишьақәнарӷәӷәоит ари аҽыхьчагатә лаҵа шшәарҭам, аеффектра шамоу,  азхаҵара змоу жәларбжьаратәи астандартқәа ишрықәнго.

Атәыла аҟны агәабзиара адунеитәи аиҿкаара ма уи ала азхаҵара змоу иџьбароу амҩақәҵаратә аиҿкаарақәа (SRAs) рган ала авторизациа змоу алаҵақәа рышьақәырӷәӷәара,  аҽыхьчагатә лаҵа ахаҭабзиареи, ашәарҭадареи, аеффектреи иахәдықәҵоуп.

Изакәытә клиникатә ҭҵаарақәа изхысуа аҽыхьчаратә лаҵа шьақәдырӷәӷәаанӡа?

COVID-19- аҿагыларатә алаҵа ҭзыжьуа, аҭҵааҩцәа рыла 3-етапк иҟоу  аклиникатә ҭҵаарақәа ирхысуеит, уи хықәкыс иамоуп, урҭ ршәарҭадареи, реффектреи ашьақәырӷәӷәара. Аклиникатә ҭҵаара 3-тәи афазаҿы аҭҵааҩцәа аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵоу  ауаа ргәабзиаратә ҭагылазаашьа иаҿадырԥшуеит аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵамыз ачымазцәа ргәабзиара аҭагылазаашьа. Уи алшара анаҭоит аваргылатә цәырҵрақәарцәырҵра ашьклаԥшраҿыи, иара убас ачымазара аҿиара аазырԥшуа аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵоу ауаа, аплацеба ззыҟарҵоз ауаа рыбжьара (ахәшәтәыра алшара аимитациеи, ииашаны ахәшәтәыреи).

Аклиникатә ҭҵаара аҟны жәанызқьла ауааԥсыра алахәуп. Аҭҵааҩцәа аҭҵаара иалахәу даӡәыцыԥхьаӡа аҽыхьчагатә лаҵа изыҟаҵара аамышьҭахь 2 мз рыбжьара ишьклаԥшуеит, иаадырԥшырц азын аҽыхьчагатә лаҵа иадҳәалоу аваргылатә цәырҵрақәа, урҭ, ишаԥу ала акыр аамҭа ашьҭахь ауп ианцәырҵуа.

Иаанаго  хырҧашьа змам  ахархәаратә авторизациа?

Ихымԥадатәиу ахархәаратә авторизациа (EUL – Emergency Use Listing) апроцедура инақәыршәаны имҩаԥысуеит аҿыц амедицинатә алшарақәа (урҭ ирылоуп алаҵақәагьы) ауаажәларратә гәабзиара иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рышьашәалара ахәшьра аҭара. Уи хықәкыс иамоуп иҷыдоу аҭаххара аныҟоу аамҭа кьаҿ ала аиқәыршәара, ашәарҭадареи, аеффектреи, ахаҭабзиара иџьбароу акритериумқәа рыхьчареи, амедикаментқәеи, алаҵақәеи, адиагнози имарианы риура зегьы рзы. Ахәшьара аҭара аан иҟалоит, иҷыдоу аҭагылазаашьа ашәарҭа, аҽыхьчагатә лаҵа ахәарҭазаареи,  агәабзиареи, аԥсҭазаареи реиҿарԥшра ршәарҭа.

Ихымԥадатәиу ахархәаратә авторизациа апроцесс иалоуп II, III фаза аклиникатә ҭҵаарақәа раарԥшра иџьбароу ахәшьара аҭара; иара убас, ихадоу ацҵатәу дыррақәа ршәарҭадара, аеффекреи, ахаҭабзиареи, ашәарҭа анапхгараҭара иазку ауснагӡатәи ирызкны. Абарҭ адыррақәа ихьԥшым аекспертцәеи, агәабзиарахьчара  адунеизегьтәи аиҿкаареи агәыԥ игәанаҭоит.

Ихымԥадатәиу ахархәаратә авторизациа апроцесс инаҵакны аҽыхьчагатә лаҵа ҭзыжьуа ахеилак иагоит аҭакԥхықәра, иҟоу адыррақәа ирыцҵаны аԥшаарақәа шынанагӡо ала, уи ала алшара ҟалоит аҽыхьчагатә лаҵа инагӡаны алицензиа аҭареи, агәабзиара адунеитә аиҿкаарала аквалификацианӡатәи анашьара. Ари апроцесс, иара аган ала ахәшьара ҟанаҵоит аҭҵааратә алҵшәақәа рыла иԥшаау  иацҵоу аклиникатә адыррақәа, ишьақәнарӷәӷәоит апроцесс, аҽыхьчагатә лаҵа ахаӷабзиара иацхраарц, ашәарҭадареи, аеффектреи астандартқәа ирықәнагахарц.

Аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра

Иахьынӡахадоуи   аҽыхьчагатә лаҵа

Аҽыхьчагатә лаҵа ииашоу дкылароуп COVID-19- аҟнытә, ухатәи, уҭаацәареи, ауаажәлари рыхьчаразы. Аҽыхьчагатә лаҵа  еиҵанакуеит аҿкы ахьреи, ачымазареи, аԥсреи ашәарҭа, апандемиаа аанкылараз зегьы реиҳаӡа аеффект змоу руакуп.

Аҽыхьчагатә лаҵа абжьагара амоуп, усҟангьы, COVID-19 – ишәыхьхьазыргьы, избанзар иҟоу ашьақәырӷәӷәарақәа рыла, аҿкы ахыгара аамышьҭахь изышьақәгылом акыр аамҭатәи аиммунитет, ауаҩы еиҭах  аҿкы ахьра ашәарҭа дҭагылоит. Қырҭтәыла иҟоу арегулиациақәа рыла аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара COVID-19 аҿкы ахыгара аамышьҭахь 120 мшы раамышьҭахь.

Апандемиа аанкыларазы  COVID-19- иаҿагыло аҽыхьчагатә лаҵа иацтәараны ихымԥадоуп апревенциатә аусмаԥгатәқәа рынагӡара: асабрал аныҟәгара, зегьы реиҳаӡа имаҷу 1 метрактәи абжьаӡара, анапытәи агигиена ахьчара.

Шаҟа еффектра амои COVID-19 иаҿагыло аҽыхьчагатә лаҵа

Аеффектратә наӡына арбарақәа  аҽыхьчагатә лаҵа зегьы рзы ихазхаҭалатәиуп, уи х-фазактәи аҭҵаарақәа  ирықәыӷәӷәоит, уи атәы  аҽыхьчагатә лаҵа анотациа аҟны иануп. Уажәы азы ахархәара змоу аҽыхьчагатә лаҵақәа аеффектра  60%-инаркны  95%-аҟнынӡа иҟоуп.

COVID-19- иаҿагыло аҽыхьчагатә  лаҵақәа иакымкәа аҳаракыра ду змоу аеффектра шрымоугьы, ауаҩы 100%- тәи иарбанзаалак иаҿагыло аҽыхьчагатә лаҵа иамаӡам. Убри аҟнытә, иҟалар ҟалоит ауааԥсыра имаҷу рыхәҭак COVID-19 – иаҿагыло аҽыхьчагатә лаҵа

аҟаҵара аамышьҭахь иақәнаго аиммунитет  рмоуыр.

Аҽыхьчагатә лаҵа аҟазшьақәа ирыцны аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра анырра анаҭар алшоит иакымкәа афакторқәа, иаҳҳәап ауаҩы иқәра, уи игәабзиара азеиԥш ҭагылазаашьа , ма COVID-19 –аҿкы ихьра аҭоурых. Макьана азын идырым, шаҟа инаӡо COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аҟнытә ауаҩы иоуыз  аиммунитет.

Хыхь иарбоу афакторқәа зегьы иазԥхьагәаҭаны, COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахьгьы ихымԥадоуп анагӡара ауаажәлартәи агәабзиарахьчаратә апревенциақәа усмҩаԥгатәқәа даараӡа ибзианы зегьы нагӡалатәуп, уи ауаа ирыбжьаӡоу, асабрада ахархәара, анапқәа рыӡәӡәара.

Аҽыхьчагатә лаҵа иамоу аеффектра ахәшьара шԥарҭо?

Аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра акыр инарҭбааны аклиникатә ҭҵаарақәа раан, -уи иаанаго , аҽыхьчагатә лаҵа иҭырҵаауеит зқьҩыла ауааԥсыра алархәны. Арҭ ауааԥсыра ҩ-гәыԥкны ишоуп: абжаҩык ирыдыркылоит аҽыхьчагатә лаҵа, егьи абжа ирыдыркылоит плацента  (ахәшәтәыра алшара аимитациеи,  ахәшә хаҭа акәӡам).

Уи аамышьҭахь урҭ рыԥсҭазаара нарыгӡоит. Аамҭакла акыр мза рыҩнуҵҟа иашьклаԥшуеит арҭ ауаа ирыхьу, ирмыхьу COVID-19- ачымазара.

Иаҳҳәап, Пфаизер аҽыхьчагатә лаҵа аклиникатә ҭаҵаарақәа 43,000 нызқьҩык ауааԥсыра алахәын. Аҵыхәтәаны COVID-19 – аҿкы рыхьит 170 ҩык ауаа.

Аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра иԥхьаӡан, арҭ 170 ҩык ауааԥсыра хыхь иарбоу ҩ-гәыԥк рыбжьара (аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵази, аплоцеба зырҭози) рыҽшыршаз ала.  170 ҩык COVID-19 – аҿкы зыхьыз ауааԥсыра рыҟнытә 162 ҩык ауааԥсыра. плацебатә агәыԥ иатәын, 8 ҩык роуп аҽыхьчагатә лаҵа ззыҟаҵаз агәыԥ аҟнытә.

Уи иаанарԥшуеит, урҭ рзы, аҽыхьчагатә лаҵа ҟазҵаз 95%- еиҵан COVID-19- аҿкы ахьра ашәарҭа.

Аҽыхьчагатә лаҵа аеффектра  амазаара ииашазарц азын, иҭрыжьхьаз  аҽыхьчагатә лаҵақәа аклиникатә ҭҵаарақәа имҩаԥгазар акәын аамҭакала клиникак аҿыи, аамҭакала тәылак аҿыи. Уи ацынхәрас аҽыхьчагатә лаҵа аҭҵаара мҩаԥысуан адунеи еиуеиԥшымз аконтинетқәа рҿы. Аҽыхьчагатә лаҵақәа шьоукы рыҭҵаара аамҭа COVID-19 – ҿкы алаҵәара  ӷәӷәа аамҭа иақәшәеит, уи иаанаго, аҭҵаарақәа ирылахәыз ауааԥсыра COVID-19- аҿкы рыхьра ашәарҭа акыр иҳаракын.

COVID-19 – – иаҿагыло аҽыхьчагатә  лаҵақәа  аваргылатә цәырҵрақәа

COVID-19- иаҿагыло аҽыхьчагатә  лаҵақәа  рымшала иҟалар ҟалоит аваргылатә цәырҵрақәа  аамҭалатәи, COVID-19 – аҿкы аасҭа акыр икәадоуп. Аҽыхьчагатә  лаҵа  аларҵәареи, уи аамышьҭахьтәи инагӡоит еснагьтәи  ахылаԥшра, иҷыдоу аваргылатә цәырҵрақәа раарԥшразы.  

Егьырҭ аҽыхьчагатә  лаҵақәа  реиԥш COVID-19 –  иаҿагыло аҽыхьчагатә  лаҵақәа рымшала  иҟалар ҟалоит аваргылатә цәырҵрақәа, уи ус иахәҭоуп, уи иаанарԥшуеит шәара шәцәеижьы аимунитет ҟанаҵоит.

COVID-19- иаҿагыло аҽыхьчагатә  лаҵа актәи ма аҩбатәи адоза адкылара аамышьҭахь иҟалар алшоит , ишәызцәырҵыр абарҭ аваргылатә цәырҵрақәа:

  • ареакциа (ахьаа, ачыра, аҟаԥшьра) алаҵа аҭыԥ аҟны
  • ааԥсара
  • агәалаҟамзаара
  • ахыхь
  • ажьышәа хьаа
  • аҟәартәрақәа
  • арыхьҭшьра
  • ашоура
  • агәыхәынҳәра
  • алимфатә кәаталақәа рчыра (лимфаденопатиа)

COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа, иарбанзаалак даҽа аҽыхьчагатә лаҵа  ма хәшәык  еиԥш, аваргылатә цәырҵрақәа ҟанаҵар  ҟалоит. Аха арҭ  цәырҵрақәа реиҳарак усҟак иӷәӷәам, аамҭалатәиуп, лассы урҭ аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахь  3мш роуп шәанаргәамҵуа. Иазԥхьагәашәҭа, ауааԥсыра реиҳараҩык, аҽыхьчагатә лаҵа ҟазҵаз, иҟалар алшоит урҭ рзы иарбынзаалак , аваргылатә цәырҵрақәа ҟамларгьы. Аха, рхы усҟак иҽеины ирымбозар, хымԥада аҭаацәара рҳақьым иахь ахырхара аҭахуп.

Аҽыхьчагатә  лаҵа  аамышьҭахь аллергиатә реакциа ма анафилаксиа

Иарбынзаалак даҽа ҭагылазаашьак еиԥш, иаҳҳәап; апеницилин ма анышәраса (арахис), ашхырҵәаӷь ацҳара уҳәа уб.егь. ауааԥсыра рыхәҭак иҟалар ҟалоит ирымазар аллергиатә реакциа;  ус еиԥш иҟоу ареакциа иҟалар алшоит ицәырҵыр COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аангьы.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абжьагарала, аҳақьым кәамаҵамала ахәшьара аиҭоит апациент ианамнез, имоу имаму апациент иҽеим аллергиатә реақциа, ашәарҭа COVID -19 аҽыхьчагатә лаҵа  ашьақәырӷәӷәаразы. Аиммунизациа ахыҟарҵаз ахәшәтәырҭа амедицинатә  аусуҩцәа ишақәнагоу имазеиуп, аамҭала еилыркаарц иҽеим аллергиатә реақциақәа, ас еиԥш иҟоу ареакциа аан иахмырԥакәа иақәнаго аусқәа мҩаԥыргарц азын.

Убри аҟнытә, ахадара амоуп аҳақьым ирдырра, уаанӡа ишәымазу аллергиатә реакциа иарбанзаалак акы азы, еиҳараӡак аҭагылазаашьа епинеԥрин ахархәара ма ахәшәтәырҭа ашьҭалара ацзар.

Иӷәӷәоу аллергиатә реақциақәа (анаԥилақсиа) аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахь, еиҳарак иаразнак иҟалоит; аха, уи иақәнаго азыҟаҵара змоу амедицинатә усуҩцәа уи аныҟәгара ибзианы ирылшоит. 

Амедицинатә аргылара ааныжьра аамышьҭахь, шәхы ҽеимкәа ижәбар, шәгәы иаанагоит, иҟалар алшоит аллергиатә реақциа шәнаҭар, хымԥада иаразнак аҳақьым шәиамада.

Иззыҟаҵатәым дарбан COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа

Уи ашьақәыргылара зылшо амедицинат усуҩы имацара иоуп, ауаҩԥсы ииҭоит иақәнагоу абжьагарақәа, мамзаргьы COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара. Иара убас иҟоу лабҿабатәи ашьақәырӷәӷәарақәа ирышьашәыло, агәабзиара анаҩс ауадаҩрақәа змоу ауааԥсыра рзы абжьагара амаӡам COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа, избанзар уи ала иҳаваҳгоит иҟалар зылшо иҽеим ареакциа алҵшәақәа:

  • анамнез аҟны имазар иҽеим ареакциа COVID-19 аҽыхьчагатә лаҵа аингредиентқәа руакы ахь
  • алаҵа изыҟарҵараны ианыҟоу аамҭазы дычмазаҩызар, ма COVID-19- асимптомқәа имазар, аха  аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара алшара ыҟоуп асимптомқәа анимам
Шәҳамада: 116 001 Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
Шәҳамада: 116 001
Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.

EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.