covid19vaccines.ge
covid19vaccines.ge
Имҩаԥгоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉

2 930 677

Инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа 💉💉

1 276 173

Изыҟаҳҵоит COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа

Аҽыхьчагатә лаҵа ииашаны алхра COVID-19 –аҟнытә аҽыхьчара шәхаҭеи, аҭаацәареи, ауаажәлари рыхьчараз. Аҽыхьчагатә лаҵа еиҵанатәуеит  аҿкы ахьра, ачымазареи, аԥсреи ашәарҭа, апандемиа аанкыларазы зегьы реиҳаӡа аеффектқәа змоу ируакуп.

Қырҭтәыла ишьақәыргылоу арегулиациақәа рыла, аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара COVID-19 –аҿкы ашьақәыргылара инаркны 30 мшы раамышьҭахь иҟалоит. Аҷыдалкаа иаҵанакуеит ауаа, COVID-19 –аҿкы анрымаз зҽызхәшәтәуаз Конвалесценттә аплазмалеи, насгьы ицәаӡаз аамҭазы измаз мултиаилазааратә агәаҵәкратә асиндром. (еиҵӡоу абжьаӡара 120 мшы).

Апандемиа аанкыларазы COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа еицтәараны ихымԥадоуп  апревенциатә усқәа рынагӡара: асабрада ныҟәгара, 1 метрак абжьазара ахьчара, анапы гигиена ахьчара.

Агәра шԥагатәу COVID 19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭадаразы?

COVID-19 аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа арекордтә икьаҿыз аамҭала ирмазеин, ахаан иҟамлац аусеицуреи, даараӡа идуыз аинвестициақәеи ирылҵшәоуп, уи зынӡагьы ишәарҭадарам аилазаарақәа зегьы ирықәнагоит.

Аклиникатә ҭҵаара мацара иашьашәало аҭҵаареи, анализқәеи раамышьҭахь ауп COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ахархәара. Атәыла аҟны иаларҵәахоит агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, ма уи ала азхаҵара змоу иџьбароу аиқәыршәаратә аиҿкаарақәа (SRAs) рыла авторизациа зауыз аҽыхьчагатә лаҵақәа, уи ахаҭабзиареи, ашәарҭадареи, аеффектреи иагарантуп.

Ауааԥсыра шьоукы иџьбароу аллергиатә реакциа рыман COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аамышьҭахь. Уи агәамҵра амазыз оума?

Иарбынзаалак аллергиатә хҭыс еиԥш, иаҳҳә. апеницилин азы, анышәраса (арахис), ашхырҵәаӷь ацҳара уҳәа уб.егь. ауааԥсыра рыхәҭак иҟалар ҟалоит ирымазар аллергиатә реакциа; ус еиԥш иҟоу ареакциа иҟалар алшоит ицәырҵыр COVID-19- аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа аангьы.

Убри аҟнытә, ахадара амоуп аҳақьым ирдырра, уаанӡа ишәымазу аллергиатә реакциа иарбынзаалак акы азы, еиҳараӡак аҭагылазаашьа епинеԥрин ахархәара ма ахәшәтәырҭа ашьҭалара ацзар.

Иӷәӷәоу аллергиатә реақциақәа (анаԥилақсиа) аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара аамышьҭахь, еиҳарак иаразнак иҟалоит; аха, уи иақәнаго азыҟаҵара змоу амедицинатә усуҩцәа уи аныҟгара ибзианы ирылшоит.

Амедицинатә аргылара ааныжьра аамышьҭахь, шәхы ҽеимкәа ижәбар, шәгәы иаанагоит, иҟалар алшоит аллергиатә реақциа шәнаҭар, хымԥада иаразнак аҳақьым шәиамада.

Аҽыхьчагатә лаҵа ианбаҟарымҵо

Пфаизер-Бионтеқс М-РНА (PFIZER-BIONTECH)

• 12 шықәса ақәра еиҵоу.
• идыру иӷәӷәоу аллергиатә реакциа иарбанзаала акомпонент азы, ҷыдала полиеҭиленгликол (PEG) ма уи иаиуу амолекулқәа рахь.
• аинфелакциатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵа раԥхьатәи адоза аамышьҭахь. абри ахҭыс аамышьҭахь аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.
• ашоура аиура (38,50C -еиҳаны) , ихьанҭоу, иџьбароу ачымазара – аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара иахырԥатәуп ачымазара алгаанӡа.
• COVID-19 – аҿкы адиагноз ашьақәыргылара инаркны 30 мшы аамышьҭахь.
• COVID-19 – изхызгаз ауаа рҿы моноклонтәи атәымцәеижҿагыла ма реконвалсценттә аплазма ала имҩаԥгоу ахәшәтәыра – аҽыхьчагатә лаҵа иахырԥатәуп ахәшәтәыра анҵәара инаркны 90 мшы аҟнынӡа, ахәшәтәыреи, аҽыхьчагатә лаҵеи иахҟьаны аиммунтә аҭакқәа интерференциа авгара азын.
• иарбынзаалак даҽа аҽыхьчагатә лаҵеи, COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ала агәырҟаҵареи рыбжьара иминималу абжьазара 14 мша ауп. Аҭҵаара ашкыи (антирабиул), тетанус аҿагыларатә профилактика, урҭ мҩаԥысуеит абжьазара ахьчара ада.

Астразенека авектортә аҽыхьчагатә лаҵа (ASTRAZENECA)

● 45 шықәса ақәра инеиҳаны
● агиперцәанырра аҽыхьчагатә лаҵа иарбынзаалак маҭәахәи ма ацҵеи ахь
● аинфелакциатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵа раԥхьатәи адоза аамышьҭахь. абри ахҭыс аамышьҭахь аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.
● гепарин-аиндурецилтә тромбоцитопениа (HITT ма HIT type 2).
● иаларҵәоу адаеҵәа/ ма адаԥшьтә тромбоз тромбоцитопениатә афон ала, уи шьақәгылеит COVID-19 – иарбанзаалак аҽыхьчагатә лаҵала иахҟьаны Астразенека- аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.
● акапелиартә ашьацәцаратә асиндром – CLS.
● ашоура аиура (38,50C -еиҳаны) , ихьанҭоу, иџьбароу ачымазара – аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара иахырԥатәуп ачымазара алгаанӡа.
● COVID-19 – аҿкы адиагноз ашьақәыргылара инаркны 30 мшы аамышьҭахь.
● COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ала агәырҟаҵареи рыбжьара иминималу абжьазара 14 мша ауп. Урҭ ирылам ашкыи (антирабиул), тетанус аҿагыларатә профилактика, избанзар урҭ мҩаԥысуеит абжьаӡара ахьчара ада.

Синофармтәи инақтивтәи аҽыхьчагатә лаҵа (SINOPHARM)

● 18 шықәса ақәра инеиҳаны
● аллергиатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵала иарбанзаалак акомпоненти, ацҵеи азы.
● аинфелакциатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵа раԥхьатәи адоза аамышьҭахь. абри ахҭыс аамышьҭахь аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом. иара убас аҽыхьчагатә лаҵа аамышьҭахь угәы иаамыхәо ареакциа ҟанаҵар анервтә еилазаара аган ала.
● аллергиатә реакциа иарбанзаалак уаанӡа иҟашәҵахьоу аҽыхьчагатә лаҵа ала (иџьбароу аллергиатә реакциа, ангионеврозтә ачырақәа, аԥсеивгара ацлара уҳәа уб.егь.).
● хылаԥшра змам Агыртәы ма апрогрессра змоу аневрологиатә чымазара анамнез аан (гиен-бари асиндром).
● иџьбароу ачымазаралаҽы атерминалтә стадиа аҿы ма егьырҭ ачымазарақәа, аԥсҭазаара азын еснагь ишәарҭахар зылшо.
● зцәазтәым.
● агәыҧҳәытә крыҿаҵара
● ашоура аиура (38,50C -еиҳаны) , ихьанҭоу, иџьбароу ачымазара – аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара иахырԥатәуп ачымазара далгаанӡа.
● COVID-19 – аҿкы адиагноз ашьақәыргылара инаркны 30 мшы аамышьҭахь.
● имуноглобилин адкылара аамышьҭахь COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа абжьаӡара 14 мша ыҟазар ауп.
● иарбанзаалак аҽыхьчагатә лаҵа COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ала агәырҟаҵареи рыбжьара иминимау абжьаӡара 14 мша ауп. Урҭ ирылам ашкыи (антирабиул), тетанус аҿагыларатә профилактика, избанзар урҭ мҩаԥысуеит абжьаӡара ахьчара ада.

Синовак инақтивтәи аҽыхьчагатә лаҵа (SINOVAC)

● 18 шықәса ақәра инеиҳаны
● аллергиатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵала иарбынзаалак акомпонент азы.
● аинфелакциатә реакциа аҽыхьчагатә лаҵа раԥхьатәи адоза аамышьҭахь. абри ахҭыс аамышьҭахь аҽыхьчагатә лаҵа аҩбатәи адоза аҟаҵара ҟалом.
● зцәазтәым.
● агәыҧҳәытә крыҿаҵара.
● ашоура аиура (38,50C -еиҳаны) , ихьанҭоу, иџьбароу ачымазара – иарбанзаалак ачымазаралаҽы змоу аицәахара аан.
● COVID-19 – аҿкы адиагноз ашьақәыргылара инаркны 30 мшы аамышьҭахь.
● иарбанзаалак аҽыхьчагатә лаҵа COVID-19 – аҿагыларатә аҽыхьчагатә лаҵа ала агәырлаҵа ҟаҵареи рыбжьара иминиму абжьаӡара 14 мша ауп. Урҭ ирылам ашкыи (антирабиул), тетанус аҿагыларатә профилактика, избанзар урҭ мҩаԥысуеит абжьаӡара ахьчара ада.

Ишԥаҟоу COVID-19 аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа аеффектра

Аеффектратә анаӡынатә арбарақәа аҽыхьчагатә лаҵақәа зегьы ихазхаҭалатәиуп, иақәыӷәӷәоит III –тәи афаза аҭҵаарақәа, уи атәы ануп аҽыхьчагатә лаҵа анотациа аҟны. Уажәы азын ахархәараҿ иҟоу аҽыхьчагатә лаҵақәа реффектра 60%-инаркны 95%-нӡа илакҩакуеит.

Аҽыхьчагатә лаҵақәа, авторизациа занашьоу агәабзиара адунеитә еиҿкаарала, иџьбароу амҩақәҵаҩцәа рыла 100%- аеффектра ачымазара иӷәӷәоу аформақәа, ахәшәтәырҭа шьҭалареи, аԥсра апревенциеи азԥхьагәаҭара аган ала ишьақәырӷәӷәоуп.

Шаҟа аамҭа инаӡои COVID-19 аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа анырра?

COVID-19-еиԥш, убас COVID-19- аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵагьы ҿыцуп. Убри аҟнытә, агәабзиаратә аекспертцәа уажәы азы иаашаны ирыздыруам, шаҟа аамҭа дыхьчоу ауаҩы аҿкы анихь инаркны ма аҽыхьчагатә лаҵа аныҟаиҵаз инаркны. Егьи аган ала, ииашацәҟьаны идыру, уи COVID-19-даараӡа ирацәаны аруадаҩреи, аԥсрақәеи ҟанаҵеит адунеи аҟны. Аҽыхьчагатә лаҵа ишәарҭам алхроуп!

Аҽыхьчагатә лаҵа аамышьҭахь, иҟалоит 38°C еиҳаны атемпература, ахьҭышьра, ахыхь, азеиԥш кәадара, усҟан ахымҩаԥгарас иахәҭои?

Аҽыхьчагатә лаҵа иацзыр ҟалоит ихадам ахҭысқәа, уи ус иақәнагоит, уи иунарбоит, шәара шәцәеижьы иармазеиуеит аиммунитет.

COVID-19- аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа актәи ма аҩбатәи адоза аиура аамышьҭахь, иҟалар ҟалоит ишәнаҭар абарҭ аныррақәа: ареакциа (ахьаа, ачыра, аҟаԥшьра) агәырлаҵа аҭыԥ аҟны, ааԥсара, иҽеимкәа ахбара, ахыхь, ажьышәа хьаа, ахьҭышьра, аҟәартәра хьаа, ашоура, агәыхәынҳәра, алимфатә кәаталақәа рычра (лимфоденопатиа).

COVID-19- аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа, егьырҭ ҽыхьчагатә лаҵа ма амедикамент, иҟалар ҟалоит аваргылатә цәырҵрақәа ацзар. Аха арҭ ацәырҵрақәа еиҳарак икәадоуп, аамҭалатәиуп, насгьи урҭ реиҳараӡак агәырлаҵа аамышьҭахь 3 мш рыҩнуҵҟа иҟоуп, нас иӡуеит. Аха, асимптомқәа нагӡар, шәхәы ҽеимкәа ижәбар, усҟан хымԥада аҭаацәаратә аҳақьим иахь шәхы шәырхар ауп.

COVID-19-аҿкы схызгахьеит. зегьы акоуп ҽыхьчагатә лаҵа ҟасҵар аума?

COVID-19- аҿкы ахыгара шәахәамԥшыкәа, аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара абжьагара амоуп, избанзар уажәы азы аҭҵааҩцәа рзы идырым ачымазара ахыгара инаркны шаҟа аамҭа иаанхо аԥсабаратә иммунитет.

Аклиникатә ҭҵааратә дыррақәа иаадырԥшуеит, COVID-19- аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа уажәы азын авторизациа змоу аҽыхьчагатә лаҵа шәарада ауаа ирзыҟаҵазар ҟалоит, ауаа COVID-19 –аҿкы зхызгахьоу. Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵара рыдыргалоит, ачымазара асимптомқәа амазу ма асимптом амамзу иахәамԥшыкәа. Аҽыхьчагатә лаҵа ҟарҵаанӡа иаҭахым аҿкы азын атест аҟаҵара, ма даҽа ҭҵаарак амҩаԥгара.

Қырҭтәыла COVID-19 –ишьақәыргылоу аҿкы змоу апациентцәа аҽыхьчагатә лаҵа ҟарҵар рылшоит ачымазара ашьақәыргылара инаркны 30 мшы ашьҭахь. Урҭ ирылам ауаа, зҽызхәшәтәуаз конвалесцентуртә аплазмеи, ауааԥсыра ихьанҭаз аамҭа азын измаз мультиаилазааратә агәаҵәкра асиндром. Усҟан иминиму аамҭа 120 мшы ауп.

Иҟалоу, иҟамлоу COVID-19- аҿагыларатә ҽыхьчагатә лаҵа зцәазтәыми, ахәыҷқәеи рзы?

Агәабзиара адунеитә аиҿкаара абжьагара ала иҟалоит зцәазтәыми, агәыҧҳәытә крыҿаҵараан аҽыхьчагатә лаҵа ашәарҭеи, ахырҳагареи азԥхьагәаҭаны.

Қырҭтәыла зцәазтәыми, агәыҧҳәытә крыҿаҵараан ирылшоит аҽыхьчагатә лаҵа COVID-19 аҿагыларазы Пфаизер Бионтекс (Pfizer-BioNTech) аҽыхьчагатә лаҵа ала аҟаҵара. Аҽыхьчагатә лаҵа абжьагара амоуп ацәатәымра иарбан аамҭазаалак аан.

Иаҭаху, иаҭахыму ҷыдала аҽазыҟаҵара аҽыхьчагатә лаҵа апроцесс азы; иаҳҳәап, антигистаминтә ахәшәқәа рыдкылара?

Аҽыхьчагатә лаҵа аҟаҵаразы заа аҽазыҟаҵара ахәшәқәа рыла ма иҷыдоу адиагноз аҭҵаара аҭахӡам. Уи хазхаҭалатәиуп  (ихьанҭоу ачымазаралаҽы апациентцәа рзы)  аконсултациа аамышьҭахь, адкылара аҳақьым иҟаиҵоит.

Аҽыхьчагатә лаҵа ҟашәҵаанӡа антигистаминтә апрепаратқәа аҳақьым ида шәхала шәыдкылара ҟалашьа амам, избанзар, иӷәӷәоу аллергиатә реакциа (анафилаксиа) апревенциа ацынхәрас иҟалар алшоит иагхар амедицинатә цхыраара амҩаԥгара анафилаксиа уаанӡатәи заатәи адыргақәа иаԥсам ахаарԥшра иахҟьаны. Аҽыхьчагатә лаҵа ҟашәҵаанӡа акоронаҿкы аҽыхьчагатә лаҵа атәымцәеижьҿагыла аҭҵаара иинформаттәыми, атест аҭаки шәахәамԥшыкәа зегьы акоуп инагӡоу аҽыхьчагатә лаҵа мҩаԥгатәуп

Шәҳамада: 116 001 Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
Шәҳамада: 116 001
Иаҳзыжәыҩы: ncdc@ncdc.ge
EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.

EU & WHO

Авеб-даҟьа ирмазеуп Агәабзиара адунеитә аиҿкаареи, Евроеидгылеи афиананскрала. Араҟа иҳәоу агәаанагарақәа автор итәуп, уи ианԥшылом Евроеидгыла агәаанагара.